Владимир Зеленски – Украина аиааира Қырҭтәылагьы Молдовагьы рҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылара иацхраауеит, арҭ атәылақәа уи азыҳәан аибашьра  рықәшәом
Владимир Зеленски – Украина аиааира Қырҭтәылагьы Молдовагьы рҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылара иацхраауеит, арҭ атәылақәа уи азыҳәан аибашьра  рықәшәом

Агәра ганы сыҟоуп Украина аиааира Қырҭтәылагьы Молдовагьы рҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылара ишацхраауа, –  иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски украинатәи ателеканал иеиҭаз аинтервиу аҿы.

„Украина аиааира абарҭ азҵаарақәа рҭыҧ иқәнаҵоит ҳәа сгәы иаанагоит. Абарҭ аҳәынҭқаррақәа руааҧсыра среигәырҕьоит, Беларус мацара акәымкәа,  Молдовагьы Қырҭтәылагьы рызҵаарақәа ӡбахоит.

Агәра ганы сыҟоуп Украина аиааира абзоурала, адемократиатә ганахьала аполитикатә аӡбарақәа рыдкыларазы алшара шыҟало,  Қырҭтәылеи Молдовеи рҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылара ишацхраауа “, – иҳәеит Зеленски,  иара ишазгәеиҭаз ала,  зыӡбахәы иҳәаз атәылақәа уи азыҳәан аибашьра  рықәшәом.