Иахьа Молдова аҭыҧантәи алхрақәа мҩаҧысуеит
Иахьа Молдова аҭыҧантәи алхрақәа мҩаҧысуеит

Иахьа Молдова аҭыҧантәи алхрақәа мҩаҧысуеит, атәыла ауааҧсыра  898ҩык ақалақьқәа рхадацәеи 11 058ҩык рыбжьагаҩцәеи алырхуеит.

Алхрақәа мҩаҧгоуп ҳәа иҧхьаӡахарц азыҳәан, абжьыҭира рхы аладырхәроуп  алхратә сиақәа ирну алхыҩцәа аҧшьба рыхәҭак еиҵамкәа.

Кандидаткгьы абыжьқәа  50% ахьимоуа аокругқәа рҿы аҩбатәи атур мҩаҧгахоит.

Кишиниов ахада иҭыҧ иазықәҧоит 27ҩык акандидатцәа, урҭ дреиуп аҳҭнықалақь уажәтәи ахада Ион Себангьы.