Жьҭаара 4 рзы имҩаҧысуа алхрақәа рҽалархәразы апартиақәа ррегистрациа хыркәшоуп,  14 партиақәа алхрақәа рҽалархәра азин роуит
Жьҭаара 4 рзы имҩаҧысуа алхрақәа рҽалархәразы апартиақәа ррегистрациа хыркәшоуп,  14 партиақәа алхрақәа рҽалархәра азин роуит

Жьҭаара 4 рзы имҩаҧысуа, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь  алхрақәа рҽалархәразы апартиақәа ррегистрациа хыркәшоуп.

Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла, акомиссиа иалаҵаз арзаҳалқәа рыхәаҧшра ашьҭахь, 14 партиақәа алхрақәа рҽалархәра азин роуит. Зынӡа акомиссиа арзаҳалқәа аларҵеит  17 апартиақәа.

Анеҩстәи аетап азы апартиақәа, цәыббра 4 иахымгакәа,  апартиатә сиақәа цәырыргароуп. Анеҩс, адокументқәа ргәаҭареи ашәҟәы рҭагалареи иалагоит.

2025 шықәса жьҭаара 4 рзы имҩаҧысуа аҭыҧантәи алхрақәа ирылахәхәоит:

«Аконсерваторцәа Қырҭтәылазы» (3), «Аҧсадгьыли, абызшәеи, адинхаҵареи» (1), «Жәлар рымчра» (14), «Қырҭтәыла ҕәҕәа-Лело» (9), «Гахариа  Қырҭтәылазы» (25), «Ақырҭуа гәахәтәы» (41), «Гирчи» (36), «Қырҭтәыла» (11), «Армарахьтәи алианс» (10), «Қырҭтәыла апатриотцәа ралианс» (8), «Қырҭтәыла акзаара» (4), «Аиаҵәақәа рпартиа» (12), «Иаку Қырҭтәыла» (5), «Зхы иақәиҭу Қырҭтәыла» (7).