Келли Дегнан - Афганистан аҟынтә атранзитла иаауа агуманитартә ԥыррақәа рыдгыларазы Қырҭтәыла аиҳабыреи атәылахьчара аминистреи иҭабуп ҳәа расҳәоит
Келли Дегнан - Афганистан аҟынтә атранзитла иаауа агуманитартә ԥыррақәа рыдгыларазы Қырҭтәыла аиҳабыреи атәылахьчара аминистреи иҭабуп ҳәа расҳәоит

Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан иҟалҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла атәылахьчара азыҟаҵаратә программа (GDRP-T) қәҿиарала ахыркәшара ала, Қырҭәылеи ЕАШ-и  апартниорра ӷәӷә шрыбжьоу иубарҭоуп.
Вазиани даныҟаз Дегнан ишылҳәаз ала, азыҟаҵаратә программа хықәкыс амоуп Нато мчқәа рзааигәахара, Қырҭтәыла атерриториатә хыхьчара алшарақәа реиӷьтәра.

Иара убас Келли Дегнан Афганистан аҟынтә агуманитартә евакуациа апроцесс аҿы Қырҭтәыла аиҳабыра алахәызааразы иҭабуп ҳәа ралҳәеит

“Афганистан аҟынтә атранзитла иаауа агуманитартә ԥыррақәа рыдгыларазы Қырҭтәыла аиҳабыреи атәылахьчара аминистреи ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Ари ала  даҽазнык иубарҭоуп Қырҭтәыла аглобалтә шәарҭадаратә операциақәа рӡы алагала шдуу,” – илҳәеит Дегнан.