Иракли Ҕарибашвилии Реџьеп Таип Ердоҕани  ҭелла еицәажәеит
Иракли Ҕарибашвилии Реџьеп Таип Ердоҕани  ҭелла еицәажәеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕани ҭелла еицәажәеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр ипресс-маҵзура.

Аҧыза-министр Қырҭтәыла аиҳабыреи ақырҭуа жәлари рыхьӡала Ҭырқәтәыла ахада даҽазнык дидашшылеит абылра амшала  Ҭырқәтәыла ауаа рҭахара иадҳәаланы.

Ҭырқәтәыла ахада Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы адгыларазы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

Аҧыза-министр иашьашәалоу аусбарҭақәа адҵа риҭеит иаҭаххар астратегиатә партниор  — Ҭырқәтәылатәи ареспублика иацхраарц.

Аҭелтә аиҿцәажәара аан, аганқәа рхаҭарнакцәа, Иракли Ҕарибашвили  рашәара 1 азы Анкара имҩаҧигаз  авизитгьы иазааҭгылеит. Ҭырқәтәыла ахада Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы даҽазнык Ҭырқәтәылаҟа ааҧхьара иҭеит.

Иара убас, аиҧылара алахәылацәа, хганктәи аусеицура Азербаиџьан – Қырҭтәыла – Ҭырқәтәыыла  аформат иамоу аҵаки  аперспективақәеи ирылацәажәеит.