Иракли Ҕарибашвили Украина Аҧыза-министр диҧылеит  [авидео]

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили украинатәи иколлега Денис Шмыгаль диҧылоит. Иракли Ҕарибашвили Украина Аҧыза-министр дидикылоит Қырҭтәлыа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы.

Уаанӡа, аҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧган. Инагӡан Қырҭтәылеи Украинеи рхьыӡрашәақәа.

Қырҭтәыла Аҧыза-министр ипрессмаҵзура адырра ала, аганқәа рхаҭарнакцәа ишиашо аиҧылара мҩаҧыргоит, анеҩс, аиҿцәажәарақәа нагӡахоит ирҭбаау аформат аҿы.  Иракли Ҕарибашвиилии Денис Шмыгали амедиазы аҳәамҭақәа ҟарҵоит.

Қырҭтәыла иофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Украина Аҧыза-министр Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Каха Куҷавеи, Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа аҩбатәии дырҧылоит.

Денис Шмыгали аделегациа алахәылацәеи Қырҭтәыла акзаара зхы ақәызҵаз афырхацәа рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭаҵаны, ҳаҭырла иргәаладыршәоит.

Украина Аҧыза-министр ивизит нагӡахоит рашәара 4-нӡа.