Иракли Ҕарибашвили Филипп Рикер диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Филипп Рикер диҧылеит

 

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Европеи Евразиеи рызҵаарақәа рзы Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Филипп Рикер диҧылеит.

Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ, Шәамахьтәылеи Азербаиџьани   имҩаҧигаз аиҧыларақәа рышьҭахь, Қырҭтәыла Аҧыза-министр диацәажәеит арегионалтә шәарҭадара азҵаарақәа рзы.

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара аан, аганқәа рхаҭарнакцәа, арегион аҿы агеополитикатә ҭагылазаашьа ҿыц иазааҭгылеит. Аиҧылара алахәылацәа Кавказ аҿы кыраамҭала аҭынчра ашьақәыргылара апроцесс аҿы Қырҭтәыла ароли ҳаҧхьаҟа аусеицуразы иҟоу аперспективақәеи ирылацәажәеит.
Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла, зыгәра угаша апартниори арегион аҿгьы уи анҭыҵгьы  Америка иазгәыку адгылаҩи  ҳасабала, ҳаҧхьаҟагьы  ахатә роль нанагӡоит.

Аиҧылара рхы аладырхәит авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Кели Дегнани.