Иенс Столтенберг – НАТО ахатә парниорцәа ирзаанарҧшуа адгылара Урыстәылазы шәарҭам
Иенс Столтенберг – НАТО ахатә парниорцәа ирзаанарҧшуа адгылара Урыстәылазы шәарҭам

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг ишиҳәаз ала,  НАТО ахатә парниорцәа ирзаанарҧшуа адгылара Урыстәылазы шәарҭам . Иенс Столтенберг ари аҳәамҭа Литва иҟаиҵеит.

Столтенберг Украина аҳәааҿы урыстәылатәи арбџьармчқәа рхыҧхьаӡа аизырҳара далацәажәан,  Қырҭтәылагьы дазааҭгылеит.

«Ҳара Украина аҳәаа инаваршәны урыстәылатәи арбџьармчқәа рыргылара азҵаара ҳалацәажәеит. Урыстәылахь ааҧхьара ҟаҳҵеит аибарххара       еиҵазтәша ашьаҿақәа ҟарҵарц. Ҳадгылаҩцәа зегьы ҳрыцхраауеит,  ҳпартниор –   Украина, ҳаҧхьаҟагьы  аполитикатәи апрактикатәи ганахьала ҳацхраауеит. Аҩашазы НАТО адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Рига еиҧылоит.  Дара ақырҭуеи украинатәи апартниорцәа ирацәажәаны, аҭагылазаашьа ахәшьара арҭоит. Ҳпартниорцәа ирзааҳарҧшуа адгылара Урыстәылазы шәарҭам, ҳара агрессиа аҟынтә ахыхьчараҿы ҳрыцхраауеит», — иҳәеит Столтенберг.