Иахьа Иракли Ҕарибашвили Гәриа даҭаауеит
Иахьа Иракли Ҕарибашвили Гәриа даҭаауеит

 

Иахьа Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Гәриа арегион даҭаауеит. Асааҭ 13:30 рзы,  аиҳабыра рнапхгаҩи,  аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Наҭиа Турнавеи,  Адунеи абанк арегионалтә  директор   Себастиан Милинеуси Зеда Бахви ақыҭан иҟоу ашкол аҿы Аинтернет-проект аӡыргара мҩаҧыргоит.

Ишдыру ала,  Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара ала,  Аҳәынҭқарратә фольклортә центр Анзор Ерқомаишвили ахьӡ ахырҵеит. Анзор Ерқомаишвили имемориал  аадыртуеит Озургеҭи иҟоу афольклортә центр аҿы. Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  Анзор Ерқомаишвили имемориалтә ҕәы ааиртуеит асааҭ  15:00,  ауснагӡатә лхы алалырхәоит Анзор Ерқомаишвили иҧҳәыс Лали Сетуриӡе.

Асааҭ  16:30 рзы,  аиҳабыра рнапхгаҩы,  апарламент ахантәаҩы Каха Куҷавеи акультуреи,  аспорти,  аҿар русқәеи рзы аминистр Ҭеа Ҵулукиании дрыцны,   Алеқсандр Ҵуҵунава ихьӡ зхы Аҳәынҭқарратә драматә театр ашҟа днеиуеит,  абри атеатр афонд Қарҭу аҧарала иргылан. Аргыларатә усурақәа ирылаҵан  20 миллион лари.

Амчра ахаҭарнакцәа Нодар Думбаӡе иҧҵамҭақәа рыла иаҧҵоу аспектакль рбоит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр ипресс-маҵзура.