Гьаргь Гахариа Џьо  Баиден аинаугурациа идиныҳәалеит
Гьаргь Гахариа Џьо  Баиден аинаугурациа идиныҳәалеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Џьо  Баиден аинаугурациа идиныҳәалеит.

Twitter  иофициалтә даҟьаҿы Гьаргь Гахариа ишиҩыз ала, Қырҭтәыла аусеицура арҕәҕәара анеҩстәи аетап алагара иахыццакуеит.

«Сара Џьо  Баиден  Америка  46-тәи ахада иҭыҧ аҿы аинаугурациа идысныҳәалоит.  Кыршықәса рыҩнуҵҟа Америкеи Қырҭтәылеи рстратегиатә партниорраҿы иҟашәҵо алагала азыҳәан ҳшәаҭабууп.  Ҳусеицура арҕәҕәара анеҩстәи аетап алагареи, адунеи аҿы адемократиеи аҭынчреи рыхьчареи ҳахыццакуеит», — иҩит Гьаргь Гахариа.