Евроеидгыла Ҟрым асанкциақәа адҟаҵалара рыҿҳәара иацырҵеит
Евроеидгыла Ҟрым асанкциақәа адҟаҵалара рыҿҳәара иацырҵеит

Евроеидгыла Урыстәылатәи афедерациа аннексиа аҵаҟа иҟоу Ҟрым асанкциақәа адҟаҵалара рыҿҳәара  2022 шықәса рашәара 23-нӡа иацырҵеит.

Асанкциақәа ирыдҳәалоуп Ҟрыми Севастополи рпродукциа аимпорт, аинфраструктуратәи афинанстәи инвестициақәеи, атуристтә сезон алагареи.

Ари ада, Ҟрыми Севастополи рахь Евроеидгылантә аалыҵи атехнологиақәеи римпорт ҟалом (урҭ иреиуоуп анефҭи, агази егьырҭ аминералтә ресурсқәа рыԥшааразы иаҭаху атехнологиақәа).

Европатәи ахеилак аҳәамҭаҿ  ишану ала, Евроеидгылаҿ изакәаным ауп ҳәа ирыԥхьаӡоит Урыстәылатәи афедерациа Ҟрыми Севастополи раннекциа ахьымҩаԥнаго.