Евроеидгыла атәылақәа раҧхьатәи арратә концепциа шьақәдырҕәҕәоит  2022 шықәса хәажәкыранӡа
Евроеидгыла атәылақәа раҧхьатәи арратә концепциа шьақәдырҕәҕәоит  2022 шықәса хәажәкыранӡа

Евроеидгыла атәылақәа раҧхьатәи арратә концепциа шьақәдырҕәҕәоит  2022 шықәса хәажәкыранӡа.  2020 шықәса рашәарамзазы Евроеидгыла атәылахьчара аминистрцәа ицәырыргаз арратә стратегиа НАТО астратегиатә концепциа иашьашәалоуп,  ахыхьчара аусхкы аҿы иҟалар зылшо ашәарҭарақәеи,  аҳасабтәқәеи,  амбициақәеи ҳәаақәнаҵоит.

Арратә концепциа Евроеидгыла атәылақәа рыбжьара арратә усеицура арҭбаауеит, аблок арратә докрина ашьақәыргылараҿы ахадаратә роль нанагӡоит.

Иара убас,  Евроеидгыла алидерцәа, апартниор тәылақәа рыцхраареи арратә техникала реиқәыршәареи амзызла,  5 миллиар евро аҳәаақәа ирҭагӡаны   «Европатәи аҭынчратә фонд» аҧырҵаргьы рҭахуп. Уажәазы,  тәылақәак,  аҿыц программақәа ирықәшаҳаҭым, аҵаратә миссиақәа рыда.