Давид Сергеенко – Заанаҵы идырын Михаил Саакашвили данеиҕьхалак абахҭашҟа дышдырхынҳәуаз
Давид Сергеенко – Заанаҵы идырын Михаил Саакашвили данеиҕьхалак абахҭашҟа дышдырхынҳәуаз

 

Михаил Саакашвили данеиҕьхалак  абахҭашҟа дышдырхынҳәуаз зегьы ирдыруан, — иҳәеит апарламент авице-спикер  Давид Сергеенко.

«Адукатцәа адырра зрыҭатәыз сызшәаҳәом.  Михаил Саакашвили данеиҕьхалак абахҭашҟа дышдырхынҳәуаз заанаҵы идырын.  Игәабзиара аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоу иҭышәынтәаламу иазкны ирҳәо рацәоуп. Аха иҳақьымцәа аофициалла аҳәамҭа ҟарҵеит.  Адукатцәа ҳақьымцәаӡам. Аҳақьымцәа рус нарыгӡаратәы алшара руҭар, ибзиаҵәҟьаны рус ҟарҵоит.  Михаил Саакашвили амлашьра деиҭалагар, агуманитартә ганахьала уи ииашам ҳәа исыҧхьаӡоит», — иҳәеит  Давид Сергеенко.