COVID-19 адунеи зехьынџьара пандемиас ирыларҳәеижьҭеи шықәсык ҵит
 COVID-19 адунеи зехьынџьара пандемиас ирыларҳәеижьҭеи шықәсык ҵит

COVID-19 адунеи зехьынџьара пандемиас ирыларҳәеижьҭеи шықәсык ҵит.

Шықәсык аҧхьа, хәажәкыра 11 рзы, Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аофициалла ари авирус пандемиас иазханаҵеит.

Шықәсык ала адунеи аҿы ари авирус ҿыркааит  116 миллионҩык иреиҳаны,  урҭ рҟынтә 2 миллионҩык иреиҳаны иҧсит.

Авирус аларҵәареи аҧсҭабареи  аганахьала  адунеи аҿы актәи аҭыҧ аҿы игылоуп Америка.

COVID-19  адунеи аҿы аларҵәара иалагеит  2019 шықәса анҵәамҭазы, китаитәи ақалақь Ухань аҟынтә. Авирус афактқәа аарҧшуп адунеи атәылақәа зегьы рҿы.