Азиатәи аҿиара абанк  Қырҭтәыла акоронавирус аҽыхьчаратә вакцинациа адгыларазы, атәыла иазоунашьҭуеит 15 миллион доллар акредит
Азиатәи аҿиара абанк  Қырҭтәыла акоронавирус аҽыхьчаратә вакцинациа адгыларазы, атәыла иазоунашьҭуеит 15 миллион доллар акредит

Азиатәи аҿиара абанк  Қырҭтәыла акоронавирус аҽыхьчаратә вакцинациа адгыларазы, атәыла иазоунашьҭуеит 15 миллион доллар акредит. Ари аинформациа аланарҵәеит Азиатәи аҿиара абанк.

«Апроект Қырҭтәыла авакцинациа аплан анагӡара аиацхраауеит, ари аҧарала авакцина  700 000 адозақәеи авакцинациазы иаҭазу еиуеиҧшым амаҭәарқәеи раахәара рылшоит.

Авакцинациа ахадаратә ҵакы амоуп COVID-19 аларҵәара аиҵатәразы», — иҳәеит Азиатәи аҿиара абанк ахада  Масацугу Асакава.