Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара анаҧшратә миссиа анапхгаҩы  - Ауаажәларратә дырраҭара, егьырҭ адырраҭрақәа раасҭа, апартиақәа иаҳа ирацәаны алшарақәа рыднагалеит
Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара анаҧшратә миссиа анапхгаҩы  - Ауаажәларратә дырраҭара, егьырҭ адырраҭрақәа раасҭа, апартиақәа иаҳа ирацәаны алшарақәа рыднагалеит

Ауаажәларратә дырраҭара, егьырҭ адырраҭрақәа раасҭа, апартиақәа иаҳа ирацәаны алшарақәа рыднагалеит, уи убарҭахеит АИХ рзы имҩаҧаагоз амониторинг аан,  — иҳәеит Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара анаҧшратә миссиа анапхгаҩы Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз.

Иара иажәақәа рыла, Ауаажәларратә  дырраҭара аполитикатә субиектқәа зегьы еиҟараны аефиртә аамҭа рзоунашьҭит.

«Ауаажәларратә дырраҭара, егьырҭ адырраҭрақәа раасҭа, апартиақәа иаҳа ирацәаны алшарақәа рыднагалеит, уи убарҭахеит АИХ рзы имҩаҧаагоз амониторинг аан.  Ауаажәларратә  дырраҭара аполитикатә субиектқәа зегьы еиҟараны аефиртә аамҭа рзоунашьҭит.  Ауаажәларратә дырраҭараҿы имҩаҧгаз  адебатқәа ирылахәын аганқәа зегьы рхаҭарнакцәа, урҭ руаӡәы ихатә гәаҧхарала  адебатқәа шаанижьыз аабеит.  Абри ала, шәара — Ауаажәларратә дырраҭара, егьырҭ ателееилахәырақәа шәрылуакааратәы шәыҟоуп. Аамҭакала, амониторинг ишаҳнарбаз ала, шәара аиҳабыратә ажәабжь ҿыцқәа хшыҩзышьҭра ду рзыжәуан, араҟа еилыккоу аиҟәшаратә цәаҳәа иҟамызт — уи аминистрцәеи аиҳабыреи русура ма алхраҧхьатәи роуранагӡара иазкын. Аинституциатә ауранагӡареи алхратә кампаниеи рыбжьара аиҟәшаратә цәаҳәа иҟамызт», — иҳәеит Альберт Џьонсон.