Апартиа  "Атәылауаа" алидер аиҿцәажәарақәа адетальқәа дрылацәажәеит
Апартиа  "Атәылауаа" алидер аиҿцәажәарақәа адетальқәа дрылацәажәеит

«Аҵыхәтәантәи аамҭазы  абри аҩыза аконструктивтә аиҿцәажәара сгәалашәом. Аха, рыцҳарас иҟалаз, адеструктивтә алҵшәа ҳауит», — иҳәеит апартиа «Атәылауаа» алидер, аоппозициатә депутат Алеко Елисашвили анапхгратә гәыҧи аоппозициааи реиҿцәажәарақәа данрылацәажәоз.

Иара иажәақәа рыла, уажәазы аганқәа изеиқәшаҳаҭымхеит, аха аиҿцәажәарақәа нагӡахап ҳәа дгәыҕуеит.

«Сареи спартиа алахәылацәеи иацы иҟалаз џьаҳшьоит.  Иацы  атәылазы крызҵазкәа азҵаарақәа иқәгылан, аӡбара ареформа, аполитикатә иашаӡбара, апрокуратура азҵаара, апрокурор ҿыц иалхра, аӡбаратә система ареформа уҳәа…Абарҭ азҵаарақәа роуп иахьазы атәылазы хадара змоу. Аха, аоппозициаа  абарҭ азҵаарақәа ирҟәаҵны, еиҭах изаамҭаным алхрқәеи аплесбисцити иалацәажәон. Жьҭаара 31 инаркны фымз ҵит, изаамҭаным алхрақәа рызҵаара актуалра ацәыӡит.  Ҳара аҭагылазаашьа зеиҧшроу лабҿаба иаабароуп.   Аҭоурыхтә ҵакы змоу азҵаарақәа рыӡбаразы алшара аныҟоу, дара, иааҟәымҵӡакәа изаамҭаным алхрақәа ирылацәажәон, абри ауп сгәы ҧызжәо. «Ақырҭуа гәахәтәы» ажәалагала ҟарҵеит ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа раан  40% еиҳаны абыжьқәа ҳзымгар,  2022 шықәсазы изаамҭаным алхрақәа мҩаҧаагоит ҳәа, аха, аоппозициаа уигьы иақәшаҳаҭымхеит», — иҳәеит Алеко Елисашвили.