Амиран Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, иахьа акоронавирус афактқәа иацы аасҭа имаҷуп, избанзар аҧсшьарамшқәа рзы  иаҳа имаҷны атестқәа ҟаҵан
Амиран Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, иахьа акоронавирус афактқәа иацы аасҭа имаҷуп, избанзар аҧсшьарамшқәа рзы  иаҳа имаҷны атестқәа ҟаҵан

Қырҭтәыла Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы  Амиран Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, иахьа акоронавирус афактқәа иацы аасҭа имаҷуп, избанзар аҧсшьарамшқәа рзы иаҳа имаҷны атестқәа ҟаҵан.

Гамҟрелиӡе игәаанагарала,  иааиуа амчыбжь азы иаҳа ирацәаны атестқәа рыҟаҵара иалагоит, акоронавирус афактқәагьы иаҳа ирацәахоит.

«Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы  15 000 инаркны  18 000 аҟынӡа атестқәа ҟаҳҵон, анеҩстәи амчыбжь инаркны  ҽнакала 20 000 тестқәа рыҟаҵара ҳалагоит, убри аҟынтә акоронавирус афактқәагьы иаҳа ирацәахоит, аха, бжеиҳарала, асимптомқәа змам ачымазаҩцәа рхарџьла», — иҳәеит Амиран Гамҟрелиӡе.

Қырҭтәыла аинтенсивтә тестирра апрограмма иалагеит ҧхынҷкәын 3 инаркны. Апрограмма ҩымз инагӡахоит.