Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ампыҵахалатә цәаҳәа иаҧну аҵакырадгьыл аҿы аурыс ампыҵахалатә мчқәа рдеструктивтә ауранагӡара иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ампыҵахалатә цәаҳәа иаҧну аҵакырадгьыл аҿы аурыс ампыҵахалатә мчқәа рдеструктивтә ауранагӡара иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ампыҵахалатә цәаҳәа иаҧну аҵакырадгьыл аҿы аурыс ампыҵахалатә мчқәа рдеструктивтә ауранагӡара иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.

«Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Гори амуниципалитет иаҵанакәа Меџьврисхеви ақыҭа иазааигәаны, иара убас, Џьариашени ақыҭаҿ азакәандаратә ауранагӡара афактқәа зегьы аанарҧшуеит.

Зыӡбахәы ҳәоу афактқәа зегьы ирыдҳәаланы ацәаҳәа ҷыда аус ауеит, Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиеи,  Женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәеи, жәларбжьаратәи ҳпартниорцәеи  аинформациа роухьеит.

Иара убас, ацентртә напхгара ахаҭарнакцәа абарҭ азҵаарақәа зегьы иқәдыргылеит  ажьырныҳәа 20 рзы Ергнеҭи имҩаҧгаз Аинцидентқәа рпревенциа амеханизм аиҧылараҿы.

Иара убас,  иазгәаҳҭар ҳҭахуп аҭыҧантәи ауааҧсыра рҩнқәа ампыҵахалатә цәаҳәа анҭыҵ иаанхазшәа аларҵәара зауз аинформациа шиашам.

Қырҭтәыла ацентртә напхгареи жәларбжьаратәи ҳпартниорцәеи азакәандаратә бордеризациа афакт цыҧхьаӡа иџьбараны иақәҿырҭуеит.

Ампыҵахалатә цәаҳәаҿы абри аҩыза азакәандаратә фактқәа аҭыҧаҿы ашәарҭадара  иаҧырхагоуп,  ауаа рыҧсҭазаашьа еицәартәуеит. Абри аҭагылазаашьазы аҭакҧхықәра наӡа адуп Урыстәылатәи афедерациа», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәамҭаҿы.