Аҳасабырба инақәыршәаны,  COVID-19 амшала иҧсыз зцәазтәымкәа иҟаз аҳәса рыгәҭа алаҵа ҟазҵаз  аӡәгьы дыҟамызт
Аҳасабырба инақәыршәаны,  COVID-19 амшала иҧсыз зцәазтәымкәа иҟаз аҳәса рыгәҭа алаҵа ҟазҵаз  аӡәгьы дыҟамызт

Апандемиа ҟалеижьҭеи акоронавирус амшала иҧсыз зцәызтәымкәа иҟаз  17ҩык аҳәса рыгәҭа алаҵа ҟазҵаз аӡәгьы дыҟамызт. Ари атәы иануп Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр аҳасабырбаҿы.

Адокумент ишану ала, иахьа уажәраанӡа атәылаҿы акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп  7 338ҩык зцәазтәым аҳәса, урҭ рыгәҭа авирус аҿкаара  арбага  8,6% иаҟароуп.

Авакцинациа наӡа иахысыз зцәазтәым аҳәса рҟынтә авирус аҿкаара арбага лаҟәып  — 15% иаҟароуп.

Зынӡа акоронавирус амшала иҧсит зцәазтәымкәа  иҟаз 17ҩык аҳәса, урҭ рыгәҭа авакцинациа иахысыз аӡәгьы дыҟамызт.