Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр   COVID-19 аҽыхьчаратә вакцинациа иазку аҳасабырба цәырнагеит
Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр   COVID-19 аҽыхьчаратә вакцинациа иазку аҳасабырба цәырнагеит

2021  шықәса хәажәкыра 15 инаркны ҧхынҷкәын 31нӡа атәылаҿы акоронавирус амшала  иҧсит авакцина ҟазҵахьаз  385ҩыки авакцина ҟазымҵаз  10 532ҩыки апациентцәа», — иануп Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр  2020-2021 шықәсқәа рзтәи аҳасабырбаҿы.

Иара убас, иарбоу аамҭа иалагӡаны, ахәшәтәырҭақәа ирҭан авакцинациа иахысыз  8 40ҩыки алаҵа ҟазымҵаз  130 648ҩыки ауааҧсыра.  Абарҭ адыррақәа рышьаҭала аспециалистцәа иҟарҵаз  аихшьаала инақәыршәаны,  COVID-19 аҽыхьчаратә вакцина ауаҩы авирус аҿкаара аҟынтә дахьчоит   90,56%-ла.

Аҳасабрба ишану ала, аиммунизациа  ашьҭахь  иҧсит  7ҩык.