Covid-19 аҽыхьчаратә вакцинациа аџьшьара аҭара апрограмма нагӡахоит хәажәкыра 31-нӡа
Covid-19 аҽыхьчаратә вакцинациа аџьшьара аҭара апрограмма нагӡахоит хәажәкыра 31-нӡа

Қырҭтәыла Covid-19 аҽыхьчаратә вакцинациа аџьшьара аҭара апрограмма нагӡахоит хәажәкыра 3-нӡа. Ари аинформациа аланарҵәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр.

Аинформациа ишану ала, 50 шықәса еиҳаны зхыҵуа Қырҭтәыла атәылауаа авакцина актәи адоза аныҟарҵалак  200 лари роуеит.

Абри аҟараҵәҟьа зхыҵуа,   абустер-доза (3-тәи алаҵа ) ҟазҵо атәылауаа 100 лари роуеит.

«Авакцинациазы аҽҭаҩра шәылшоит аҭел – 15 22 ала, мамзаргьы, асаит  booking.moh.gov.ge. аҿы. Иара убас, арегистрациа адагьы иарбанызаалак авакцинациа ацентр шәадҵаалар шәылшоит», — иануп аинформациаҿы.