Аҵара аминистрра хазы усбарҭак аҳасабала ишьақәгылоит, акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи еидырҵоит министррак аҿы
Аҵара аминистрра хазы усбарҭак аҳасабала ишьақәгылоит, акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи еидырҵоит министррак аҿы

 

Аҵара аминистрра хазы усбарҭак аҳасабала ишьақәгылоит, акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи еидырҵоит министррак аҿы, — Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа ари аҳәамҭа ҟаиҵеит аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, аҳәынҭқарра акультуратә ҭынхеи ҳаамҭазтәи аҟазареи иеиҷаҳароуп.

«Аиҳабыра русмҩаҧгарҭа анапхгара аҵаҟа аус зуаз аҿар русқәа рзы аминистрра  акультуреи аспорти аҿар русқәеи рзы аминистрра иадлоит», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.