Реџьеп Таип Ердоҕан Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла ахьыҧшымра амш идиныҳәалеит
Реџьеп Таип Ердоҕан Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла ахьыҧшымра амш идиныҳәалеит

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла ахьыҧшымра амш идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә шәҟәы аҟны Ҭырқәтәыла ахада ишазгәеиҭаз ала,  иара агәра ганы дыҟоуп  ҩ-жәларык реиҩызареи, аигәыларатә еизыҟазаашьақәеи, астратегиатә усеицуреи ҳаҧхьаҟагьы ишынагӡахо.

„Аҭырқәа жәлари, хаҭала сареи ҳахьӡала шәаҳаракыреи ақырҭуа жәлари гәыкала ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла ахьыҧшымра амш.

Агәра ганы сыҟоуп ҳажәларқәа реиҩызареи иаҳзеиҧшу аинтересқәеи рышьаҭа ала, есымша иҕәҕәахо аигәыларатә ҳаизыҟазаашьақәеи, арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи, мышхәыбзазареи аиқәыршәара азҵаараҿы алагала ду ҟазҵо  ҳстратегиатә партниорреи ҳаҧхьаҟагьы ишынагӡахо“, – иануп Ҭырқәтәыла ахада ишәҟәы аҟны.

Реџьеп Таип Ердоҕан ишазгәеиҭаз ала, рашәара 1 азы имҩаҧысраны иҟоу, Қырҭтәыла Аҧыза-министр Ҭырқәтәыла ивизит  деигәырҕьоит.

„2021 шықәса рашәара 1 азы ҳтәылаҿы имҩаҧыжәгараны иҟоу авизит сеигәырҕьоит, ҳара ҩ-ганктәи ҳаизыҟазаашьақәеи, иара убас, арегион аҿы имҩаҧысуа ахҭысқәеи рылацәажәаразы алшара ҳауеит.

Исымоу алшара схы иархәаны, агәабзиареи анасыҧи шәзеиҕьасшьар сҭахуп, ақырҭуа жәлар мышхәыбзазара рзеиҕьасшьоит“, – иануп Ҭырқәтәыла ахада идныҳәаларатә шәҟәы аҟны.