13ҩык акыргизцәа ҭахеит акыргыз-таџьиктәи аҳәааҿы иҟалаз аиҿагылара аан
13ҩык акыргизцәа ҭахеит акыргыз-таџьиктәи аҳәааҿы иҟалаз аиҿагылара аан

13ҩык акыргизцәа ҭахеит акыргыз-таџьиктәи аҳәааҿы иҟалаз аиҿагылара аан. Ари аинформациа аланарҵәеит Кыргыстан Агәабзиарахьчара аминистрра.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла,  130ҩык иреиҳаны аахақәа роуит.

«Еврониус» адыррақәа рыла, Таџьикистан иаҧну араионқәа рҟынтә алыргеит  11 500ҩык раҟара аҭыҧантәи ауааҧсыра.

Таџьикистан анапхгара ишаарыцҳаз ала,  дара рган аҟынтә ҩыџьа мацара ҭахеит,  аха аурыс АИХ ишаарыцҳаз ала,  даргьы хҩык иреиҵамкәа ауаа рцәыӡит.

Таџьикистани Кыргызтани еимаркуа аҳәаатә цәыҧҵәахаҿы аиҿагылара ҟалеит. Таџьикистан Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Кыргыстан арбџьармчқәа ирхарарҵеит аҳәаахьчаҩцәеи аӡымҩангагатә станциеи иреихсуа иалагеит ҳәа. Кыргызтәи аган Таџьикистан ахарарҵоит аимак аескалациа.