Урыстәыла нанҳәатәи еибашьраан ауаҩытәыҩса изинқәа европатәи аконвенциа акымкуа ахәҭаҷқәа еиланагеит  - Страсбургтәи аӡбарҭа Қырҭтәыла аҳәара иақәшаҳаҭхеит
Урыстәыла нанҳәатәи еибашьраан ауаҩытәыҩса изинқәа европатәи аконвенциа акымкуа ахәҭаҷқәа еиланагеит  - Страсбургтәи аӡбарҭа Қырҭтәыла аҳәара иақәшаҳаҭхеит

2008 шықәсатәи еибашьра аус иадҳәаланы Страсбургтәи аӡбарҭа аӡбара аднакылеит. Қырҭтәыла аиустициа аминистра аинформациа ала, Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа, Урыстәыла 2008 шықәса нанҳәа азы иҟалаз еибашьраан ауаҩытәыҩса изинқәа европатәи аконвенциа акымкуа ахәҭаҷқәа еиланагеит  ҳәа Қырҭтәыла аҳәара иақәшаҳаҭхеит.

«Аӡбарҭа апалата ду ауаҩытәыҩса изинқәа реилагарақәеи ақырҭуаа аетникатә  ҟазшьала рнырҵәареи аҭыԥ шрымаз шьақәнарӷәӷәеит.

Страсбургтәи аӡбарҭа Қырҭтәыла апозициа адгылан, Урыстәыла ақырҭуа арратә тҟәацәеи атәылауаҩратә хаҿқәеи рыргәаҟреи, ауаҩытәыҩса иҟазшьа иацәтәыму ахымҩаԥгашьеи рзы аҭакԥхықәра шаду шьақәнарӷәӷәеит.

Страсбургтәи аӡбарҭа Қырҭтәыла апозициа адгылан, Урыстәыла атәылауаҩратә хаҿқәа рхақәиҭреи ршәарҭадареи шеиланагаз азханаҵеит.

Ари аҭоурыхтә аӡбамҭоуп, жәларбжьаратәи зин механизмқәа рхархәарала аимакқәа рҭыԥқәҵареи атерриториатә акзаара аиҭашьақәыргылареи рус аҿы Қырҭтәылазы ихырҳагоу ӡбамҭоуп,» – иануп аминистрра аҳәамҭа аҿы.