Страсбургтәи аӡбарҭа  - Ника Мелиа ибаандаҩтәраан Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Аконвенциа ахәҭаҷқәа еилагамызт
Страсбургтәи аӡбарҭа  - Ника Мелиа ибаандаҩтәраан Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Аконвенциа ахәҭаҷқәа еилагамызт

Ауаҩытәыҧса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа «Ника Мелиа Қырҭтәыла даҿагыланы» аус иазку азыӡба цәырнагеит.

Страсбургтәи аӡбарҭа апресс-релиз ишану ала, «Ника Мелиа Қырҭтәыла даҿагыланы» аус  иадҳәаланы аӡбарҭа ишьақәнаргылеит ахақәиҭреи,  ашәарҭадареи азы азин шеилагамыз.

Ари аус   2019 шықәсазы аоппозициатә политик Ника Мелиа ибаандаҩтәра иадҳәалоуп.

Страсбургтәи аӡбарҭа апресс-релиз  инақәыршәаны,  Страсбургтәи аӡбарҭа   ақырҭуа аӡбарҭақәа ирықәшаҳаҭуп – ашьауҕатә ашьҭацалара алагараан аус аметариалқәа ишышьақәдырҕәҕәаз  ала, Ника Мелиа ашьауҕатә ацәгьаура ҟаиҵар илшон.

«Аҧкратә уснагӡатәқәа рхархәаразы амзызқәа иҟан, избанзар иара абналареи, ашаҳаҭгақәа рҧаршеиреи, ацәгьаура аиҭаҟаҵареи илшон, абарҭ амзызқәа арбоуп   2019 шықәса рашәара  27-еи ҧхынгәы 2-еи рзы аӡбарҭақәа ирыдыркылаз ақәҵарақәа рҿы.

Страсбургтәи аӡбарҭа актәи аинстанциа аӡбарҭа ақәҵара иҵаҵгәыркым ҳәа иҧхьанаӡом, избанзар  2019 шықәса рашәара  27-еи ҧхынгәы 2-еи рзы, иара убас,  2021 шықәса жәабран 21 рзы  аӡбарҭақәа ақәҵара анрыдыркылоз,   хыхь иазгәаҭоу ашәарҭрақәа иҟан.  Мелиа дбаандаҩыртәит иара кьырала ихақәиҭтәра иазкыз ақәҵара анагӡаразы мап аник ашьҭахь.  Аӡбарҭа азханаҵеит Мелиа ихымҩаҧгашьа иаҳа иҭбаау аконтекстаҿ ахәаҧшра шыҟалоз,    усҟан атәылаҿ аполитикатә ҭагылазаашьа цәгьеи,  иара иполитикатә статуси,  агәаанагара аарҧшразы имаз азини иазҧхьагәаҭаны. Аха, Мелиа,  акьыра амшәара ацынхәрас, азинтә ахьырхәра акәымкәа,  аҧкратә уснагӡатә зынӡа  аҧыхра дазыҧшызар ҟаларын.   Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵара ишану ала,  амилаҭтә закәанҧҵареи Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Аконвенциеи абас рыхәаҧшра иақәнагам,  избанзар,  уи Аконвенциа 5-ахәҭаҷ аҿы иарбоу ахықәкқәеи азин аиҳаӡареи ирышьашәалам. Убри аҟынтә,  Страсбургтәи аӡбарҭа зыӡбахәы ҳәоу ахәҭаҷ еилагамызт ҳәа ишьақәнаргылеит», — иануп аӡбарҭа апресс-релиз аҿы.