Михаил Сарџьвелаӡе  - Страсбургтәи аӡбарҭа иҳнарбеит абаандаҩы Саакашвили изинқәа иҳаракӡоу аҩаӡараҟны ишыхьчоу
Михаил Сарџьвелаӡе  - Страсбургтәи аӡбарҭа иҳнарбеит абаандаҩы Саакашвили изинқәа иҳаракӡоу аҩаӡараҟны ишыхьчоу

Апарламенттә аиара ахаҭарнак  Михаил Сарџьвелаӡе Михаил Саакашвили изкны Страсбургтәи аӡбарҭа иаднакылаз ақәҵара данахцәажәоз ишиҳәаз ала,  атәыла ауааҧсыра ибзианы ирбеит ҧасатәи ахада изинқәа еилагоушәа илоббистцәа имҩаҧыргоз акампаниа шиашам.

Иара ишазгәеиҭаз ала, атәыла анапхгара Саакашвили иқәу азыӡба анагӡареи изинқәа зегьы рыхьчареи нарыгӡоит.

«Ари азҵаара иадҳәаланы азнеишьа заҵәык ҳамоуп: раҧхьа иргыланы, азыӡба нагӡазароуп, насгьы, абаандаҩы изинқәа зегьы ихьчазароуп. Агәабзиара ахьчара азин еиқәыршәазароуп. Ари азҵаара аҵакы ҷыда амоуп. Аҳақьымцәа ахәышәтәырҭаҿ иныжьра ахымҧадара иҟам ҳәа ирыҧхьаӡар, иара апенитенциартә усбарҭашҟа диаргоит», — иҳәеит  Михаил Сарџьвелаӡе.