Зураб Азарашвили – Афармацевтикатә еилахәырақәа рхатә базақәа аминистрра азаартра ируалуп, ахәшәқәа рыхәқәа заҟароу аабап, ари аҧхықәра назымгӡо аилахәырақәа иахьа инаркны еиуеиҧшым асанкциақәа рзышьақәҳаргылоит

Агәабзиарахьчара аминистр Зураб Азарашвили иҳәамҭала, Арегулиациақәа рзы агентра абаза иалам афармацевтикатә еилахәырақәа иашьашәалоу асанкциақәа рзышьақәдыргылоит.

Иара иажәақәа рыла, аилахәырақәа ирыҭаз агәҽанҵара аҿҳәара нҵәеит.

«Ҳтәылаҿы  3000 раҟара аҧҭекақәа иҟоуп, атәылаҿ ирҭиуеит  7000 еиуеиҧшым ахәшәқәа. Хәажәкыра 15 инаркны афармацевтикатә еилахәырақәа зегьы рхатә базақәа аминистрра азаадыртыр акәын, аимпорт аҟынтә ирзаанхаз ахәшәқәа гәаҳҭароуп, ахәшәқәа рыхәқәагьы заҟароу гәаҳҭароуп. Ҳара хықәкыла адефицит аҧҵареи ахәқәа рацҵареи иадҳәаланы иашьашәалоу амеханизмқәа ҳамоуп. Афармацевтикатә еилахәырақәа рхатә базақәа аминистрра азаартра ируалуп, ахәшәқәа рыхәқәа заҟароу аабап, ари аҧхықәра назымгӡо аилахәырақәа иахьа инаркны еиуеиҧшым асанкциақәа рзышьақәҳаргылоит», — иҳәеит  Зураб Азарашвили.