Зураб Азарашвили аҭырқәа иколлега диԥылеит
Зураб Азарашвили аҭырқәа иколлега диԥылеит

Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистр Зураб Азарашвили Ҭырқәтәыла аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҭырқәа иколлега диԥылеит.

Агәабзиарахьчара аминистрра апрессмаҵзура аинформациа ала, ҩганкалатәи аиԥылараҿ Ҭырқәтәылеи Қырҭтәылеи ирыбжьоу астратегиатә партниорра иахцәажәеит.

“Аганқәа агәабзиарахьчара ахырхарҭаҿ имҩаԥысуа апроектқәа ирыхәаԥшит, иахцәажәеит аусеицура наҟ-наҟтәи аҿиара азҵаара. Аиԥылараҿ зҵараа хаданы иқәгылан Ҭырқәтәылантә Қырҭтәыла зхаҭабзаира ҳараку ахәышәқәа римпорт,” – аарыцҳаит Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә.