Зураб Азарашвили – Аҭырқәа афармацевттә џьармыкьа аартра абзоурала, Қырҭтәыла ауааҧсыра есышықәса  180 инаркны 200 миллион лари аҟынӡа аиҷаҳара рылшоит
Зураб Азарашвили – Аҭырқәа афармацевттә џьармыкьа аартра абзоурала, Қырҭтәыла ауааҧсыра есышықәса  180 инаркны 200 миллион лари аҟынӡа аиҷаҳара рылшоит

Аҭырқәа џьармыкьа аартра анеҩс, атәылашҟа ахәшәқәа раагара апроцесс активла инагӡоит.

Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра адыррала, нанҳәазы аимпорт аласра зеиҧшҟамлац ала идуун. Атәылашҟа иаагоуп  6,4 миллион адоллар рыхә ахәшәқәа.

Аҧыза-министр иинициатива абзоурала, Қырҭтәыла атәылауаа ахәшәқәа раахәараан  80 миллион лари аекономиа ҟарҵахьеит.

Агәабзиарахьчара аминистр  Зураб Азарашвили ишазгәеиҭаз ала,  аҭырқәа афармацевттә џьармыкьа аартра абзоурала, Қырҭтәыла ауааҧсыра есышықәса  180 инаркны 200 миллион лари аҟынӡа аиҷаҳара рылшоит.

«Аҭырқәа џьармыкьа аартра инаваргыланы, ахәшәқәа рыхәқәа армаҷра амзызла, Агәабзиарахьчара аминистрра ахәшәқәа рзы ареференттә ахәқәа рышьақәыргылара ахырхарҭала аус ауеит. Ареформа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ахәшәқәа рмаксималтә ахә шьақәҳаргылоит, уи абзоурала, атәылаҿы ахәшәқәа рыхәқәа кырӡа имаҷхоит», — ирҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрраҿы.