Илиа Ҕудушаури – 2024 шықәса инаркны ачымазара лаҽқәа рхәышәтәратә медикаментқәа инагӡаны рыхә ҳшәоит  
Илиа Ҕудушаури – 2024 шықәса инаркны ачымазара лаҽқәа рхәышәтәратә медикаментқәа инагӡаны рыхә ҳшәоит  

Ачамазара лаҽқәа змоу,   иҳәаақәҵоу алимитла  аҳәынҭқарра ахәшәқәа раахәаразы аҧара ззоунашьҭуаз ауааҧсыра,  2024 шықәса инаркны, ахәшәқәа раахәаразы аҳәынҭқарра аҟынтәи инагӡаны афинансыркра роуеит. Уи ҳполитика ақәҿиарақәа иреиуп ҳәа сгәы иаанагоит, – иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Илиа Ҕудушаури. Ари аинформациа аланарҵәеит Агәабзиарахьчара аминистрра.

„Арефералтә политикеи ҭырқәтәылатәи аџьармыкьа аартреи абзоурала, Қырҭтәыла ауааҧсыра  300-400 миллион лари аиҷаҳара рылшеит, ахәшәқәак рыхәқәа 80%-ла имаҷхеит, аха, абжьаратә ахәқәа  40%-ла илаҟәит, уигьы ақәҿиара дууп ҳәа сгәы иаанагоит“, – иҳәеит Илиа Ҕудушаури.