Зура Џьаҧариӡе ашас ашәара аҳасабала иқәыз аҧкратә усмҩаҧгатә абаандаҩтәрала иҧсахуп
Зура Џьаҧариӡе ашас ашәара аҳасабала иқәыз аҧкратә усмҩаҧгатә абаандаҩтәрала иҧсахуп.
Ари ақәҵара идикылеит Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа аӡбаҩ Иракли Швангираӡе.
Аҧкратә усмҩаҧгатә аҧсахразы шьаҭас иҟалеит ашас амшәара.
Мшаҧы 16 рзы аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа амнеира амшала Зура Џьаҧариӡе 20 000 лари ашас ашәара иқәырҵеит. Иара ари ашас ишәар акәын лаҵара 18-нӡа.
Аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аҳәара ашьаҭала, апрокуратура Џьаҧариӡе ахара иднаҵеит ашьауҕатә закәанеидкыла 349 ахәҭаҷ ала — «Қырҭтәыла Апарламент аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аҳәара анамгӡаразы» уи ала иазҧхьагәаҭоуп ахараҧса ашәара ма шықәсык аҭакра.