Жозеп Боррель – 2022 шықәсазы  Урыстәыла аекономика маҷхеит  2,1 наӡынала, џьоукы асанкциақәа алҵшәа рхылҵуам ҳәа ргәы иаанагоит, аха, ус акәӡам ишыҟоу
Жозеп Боррель – 2022 шықәсазы  Урыстәыла аекономика маҷхеит  2,1 наӡынала, џьоукы асанкциақәа алҵшәа рхылҵуам ҳәа ргәы иаанагоит, аха, ус акәӡам ишыҟоу

Ҵыҧх Урыстәылантә Евроеидгыла атәылақәа рахь аекспорт маҷхеит  58 наӡынала, сынтәа актәи акварталаз ари арбага  75 наӡына иреиҳауп, – иҳәеит адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рзы Евроеидгыла Иреиҳаӡоу акомиссар Жозеп Боррель.

Иара игәаанагарала, Урыстәыла иаҿагыланы Евроеидгыла ишьақәнаргылаз асанциақәа алҵшәа рхылҵит.

«Џьоукы асанкциақәа алҵшәа рхылҵуам ҳәа ргәы иаанагоит, аха, ус акәӡам ишыҟоу. Шықәсыкала Урыстәыла алшарақәа раҧкреи, ахадаратә џьармыкьақәа рҟынтә алгареи, ааглыхратәи атехнологиатәи алшарақәа рырмаҷреи  ҳалшеит», — иҳәеит  Боррель.

Боррель иажәақәа рыла, Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго аибашьра аанкыларазы Мраҭашәаратә политика нагӡатәуп.

Жәларбжьаратәи аенергетикатә агентра адыррақәа рыла, анефҭ аҭирантә Урыстәыла иаиуаз ахашәала шықәсыкала имаҷхеит  27%-ла.

Иара убас, Боррель ишиҳәаз ала,  аибашьра анагӡара амзызла  абџьар ааглыхразы Урыстәыла иаҭаху, иҩбоу азкызаара змоу атауарқәеи ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи Евроеидгылантә рекспорт 2022 шықәсазы имаҷхеит 78%-ла.