Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд Қырҭтәыла азалнахуеит 38 миллион доллар иаҟароу аресурс
Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд Қырҭтәыла азалнахуеит 38 миллион доллар иаҟароу аресурс

Қырҭтәыла наапхгареи Жәларбжьаратәи авалиутатә фонди  аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Қырҭтәыла адгыларатә программа актәи ахҳёаа ахыркәшра иазкны (Stand-By Arrangement). Ари атәы аанацҳаит Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд.

Афонд аиинформациа аа, 2022 шықәсазы Қырҭтәыла аекономика аӷәӷәара иубарҭан.

IMF аинформациала, апандемиа иашьҭанеиуа апериод аан иҟаз азҳара ашьҭахь, Қырҭтәыла атуристцәа рхыԥхьаӡара иазҳаит, иазҳаит аибашьра иахылҵыз аиммиграциеи афинанстә цәқәырԥеи, атранзиттә ахәаахәҭреи.

Жьҭаара 26 инаркны абҵара 7-нӡа  Қырҭтәылатәи амиссиа анапхгаҩы Џьеимс Џьон дызхагылаз IMF амиссиа Қырҭтәыла визитла иҟан. Афонд амиссиа анапхгаҩы иахьатәи абрифнг аҿы ишааицҳаз, Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд Қырҭтәыла азалнахуеит 38 миллион доллар иаҟароу аресурс.