Жәлар рыхьчаҩ Русҭавели имҩадуаҿ имҩаҧгаз акциа иадҳәаланы аҳәамҭа ҟаиҵеит
Жәлар рыхьчаҩ Русҭавели имҩадуаҿ имҩаҧгаз акциа иадҳәаланы аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Аҳәамҭа ишану ала, „Абҵара 29, асааҭ 02:00 инаркны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, аполициатә мчқәеи ҷыдалатәи ахархәагақәеи рыла аполициатә усмҩаҧгатә анагӡара иалагеит“.
„Амассмедиала аларҵәара зауз акадрқәа рҿы иубарҭоу аҭынчуаа гәымбылџьбарала рызныҟәареи хықәкыла рышьҭацалареи афактқәа агәыҧжәара ҳазцәырыргоит.
Авидеокадрқәа рҿы лабҿаба иубарҭоуп акциа аимырппраан амитинг алахәылацәеи, иара убас, аполитикцәеи, ажурналистцәеи ахархәага ҷыдақәа рыла гәымбылџьбарала ишрызныҟәоз, изакәызаалак шьаҭак иҟамкәа ауаа ааныркылон, хықәкыла ирышьҭацалон.
Ҷыдала иазгәаҭатәуп ажурналистцәа рганахьала амчылареи агәымбылџьбареи, русураҿы рҧырхагахареи, ртехника аҧхасҭатәреи афактқәа.
Аотриад ҷыда алахәылацәа ацәгьауратә хымҩаҧгашьазы ахьырхәра шырмоуа рдыруеит, избанзар хымҧадатәи аиндефикациатә дыргақәа рымам. Жәлар рыхьчаҩ акыршықәсқәа рыҩныҵҟа иаҵшьны иазгәеиҭоит абри аҩыза аиндефикациатә дыргақәа рыҟазаара ахымҧадара. Аполитикатә ҭаххара иҟазҭгьы, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, уадаҩрада, ари асистема аланарҵәон.
Иаха шаанӡа Жәлар рыхьчаҩ ихаҭарнакцәа иаанкылоу ауаа ирҧылон, рҭагылазаашьа еилыркаауан.
Жәлар рыхьчаҩ Аусеилыргаратә маҵзура ҷыдахь ааҧхьара ҟаиҵоит ирласӡаны аусеилыргара мҩаҧганы, ҭынч апротест ҟазҵоз ауааи ажурналистцәеи рзинқәа реилагара зхароу ауаа зегьы аадырҧшырц.
Иара убас, Жәлар рыхьчаҩ Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь ааҧхьара ҟаиҵоит аусеилыргара апроцесс иаҧырхагамхарц, ацәгьаура зхароу аполицаицәеи аминистрра анапхгаҩцәеи раарҧшра иацхраарц.
Убри адагьы, Жәлар рыхьчаҩ аӡбарҭақәа рахь ааҧхьара ҟаиҵоит иаанкылоу ауааҧсыра рзинқәа рыхьчара еиқәдыршәарц, раанкылара азакәанра шьақәдыргыларц», – иануп Жәлар рыхьчаҩ иҳәамҭахы.