Жәабран азы Қырҭтәыла, аплатформа  «Ковакс» аҟынтә авакцина иазҧхьагәаҭоу ахыҧхьаӡара иазыҧшуп
Жәабран азы Қырҭтәыла, аплатформа  «Ковакс» аҟынтә авакцина иазҧхьагәаҭоу ахыҧхьаӡара иазыҧшуп

Жәабран азы  аплатформа  «Ковакс» аҟынтә авакцина иазҧхьагәаҭоу ахыҧхьаӡара ҳазыҧшуп, —  илҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Екатерина Тикараӡе.

Лара лҳәамҭала,  зегьы раҧхьа авакцина рзыҟарҵоит ҷыдала ашәарҭара иҭагыло агәыҧ иаҵанакәа ауааҧсыра.

«Ҳара аплатформа  «Ковакс» аҟны аус еицаауеит, урҭ хымҧада авакцинациа аплан  рызцәыргатәын. Ҳара Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаареи аплатформа «Ковакси» аплан рызцәыраагеит. Иахьазы интенсивла аиҿцәажәарақәа мҩаҧаагоит,    Жәабран азы  аплатформа  «Ковакс» аҟынтә авакцина иазҧхьагәаҭоу ахыҧхьаӡара ҳазыҧшуп . Зегьы раҧхьа авакцина рзыҟаҳҵоит  авирус аларҵәара амшала ҷыдала ашәарҭара иҭагыло агәыҧ иаҵанакәа ауааҧсыра», — илҳәеит Тикараӡе.