Жәабран 15-17 рзы Қырҭтәыла раионқәак рҿы ақәа ауеит
Жәабран 15-17 рзы Қырҭтәыла раионқәак рҿы ақәа ауеит

Жәабран 15-17 рзы Қырҭтәыла раионқәак рҿы ақәа ауеит. Ари атәы аарыцҳаит Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра аҟынтәи.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла:

  • Қарҭ алышәшәақәа леиуам, шьыбжьон  +10…+12 градус ҧхаррахоит.
  • Аҟәара иаҧну араионқәа рҿы  (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ҧуҭ): жәабран 15 рзы алышәәшақәа леиуам, жәабран  16–17 рзы ҭыҧқәак рҿы ақәа леиуеит. Шьыбжьон  +13…+15 градус ҧхаррахоит.
  • Кахеҭи арегионаҿ: жәабран 15–16 рзы амш бзиахоит, жәабран 17 рзы ҭыҧқәак рҿы ақәа леиуеит. Шьыбжьон  +12…+14 градус ҧхаррахоит.
  • Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхаҳаракыратә раионқәа рҿы  (Ахалқалаки, Цалка, Бакуриани, Гудаури, Омало): жәабран  15 рзы алышәшәақәа леиуам, жәабран  16–17 рзы ҭыҧқәак рҿы асы леиуеит. Шьыбжьон  +1…+3 градус ҟалоит.