Қырҭтәыла Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра адыррақәа рыла, лаҵара 29-30 рзы Қырҭтәыла ақәеи акырцхи леиуеит, имацәысуеит, аҧша ҕәҕәа асуеит.
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ақәоура амшала Қырҭтәыла аӡиасқәа рҿы аӡы аҩаӡара шьҭыҵуеит. Ашьхатә раионқәа рҿы адгьылҳәазаратә процессқәа иалагар ауеит.