Хәажәкыра 17 рзы Қырҭтәыла араионқәак рҿы  алышәшәақәа ҟалоит, хәажәкыра  18-19 рзы ҧхаррахоит 
Хәажәкыра 17 рзы Қырҭтәыла араионқәак рҿы  алышәшәақәа ҟалоит, хәажәкыра  18-19 рзы ҧхаррахоит 

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла,  хәажәкыра  17  рзы Қырҭтәыла араионқәак рҿы  алышәшәақәа ҟалоит,  хәажәкыра  18-19 рзы ҧхаррахоит.

Қарҭ алышәәшақәа ҟалом. Шьыбжьон аҳауа атемпература  +14, +16  градус иаҟарахоит.

Аҟәара иаҧну арегионқәа рҿы  — Баҭыми, ҚобулеҭииАнаклиеи,  Ҧуҭи  — хәажәкыра 17 рзы ҭыҧқәак рҿы ақәа леиуеит. Шьыбжьон  +16, +18  градус ҟалоит.

Мраҭашәаратә Қырҭтәыла адәкаршәраҿы ҭыҧқәак рҿы хәажәкыра 17  рзы ақәа леиуеит, хәажәкыра  18-19 рзы ҧхаррахоит.   Шьыбжьон  +20, +22  градус ҧхаррахоит.

Мраҭашәаратә Қырҭтәыла ашьхараҿы хәажәкыра  17  рзы алышәшәақәа ҟалоит. Хәажәкыра  18-19 рзы алышәшәақәа ҟалом. Шьыбжьон  +16, +18  градус ҟалоит.

Мраҭашәаратә Қырҭтәыла ашьхаҳаракыратә раионқәа рҿы хәажәкыра  17  рзы асы ауеит. Хәажәкыра  18-19 рзы  алышәшәақәа ҟалом. Шьыбжьон аҳауа атемпература +12, +14  градус иаҟарахоит.