Хәажәкыра  3 инаркны  5-нӡа Қырҭтәыла хьшәашәарахоит, аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит 
Хәажәкыра  3 инаркны  5-нӡа Қырҭтәыла хьшәашәарахоит, аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит 

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла хәажәкыра  3 инаркны  5-нӡа Қырҭтәыла хьшәашәарахоит, аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит.  

Қарҭ алышәәшақәа ҟалом. Шьыбжьон аҳауа атемпература  +6…+8 градус иаҟарахоит.

Аҟәара иаҧну арегионқәа рҿы  — Баҭыми, ҚобулеҭииАнаклиеи,  Ҧуҭи  — ҭыҧқәак рҿы ақәа леиуеит. Шьыбжьон  +10…+12 градус ҟалоит.

Мраҭашәаратә Қырҭтәыла адәкаршәраҿы ҭыҧқәак рҿы ақәа леиуеит. Шьыбжьон  +11…+13 градус ҧхаррахоит.

Мраҭашәаратә Қырҭтәыла ашьхараҿы алышәшәақәа ҟалоит. Шьыбжьон  +6…+8 градус ҟалоит.

Мраҭашәаратә Қырҭтәыла ашьхаҳаракыратә раионқәа рҿы аамҭа-аамҭала асы ауеит. Шьыбжьон аҳауа атемпература  -1…+1 градус иаҟарахоит.