Жьҭаара 4 рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы, Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Қырҭтәыла аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәа рҟны аиԥылара мҩаԥгахоит
Жьҭаара 4 рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы, Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Қырҭтәыла аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәа рҟны аиԥылара мҩаԥгахоит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Қырҭтәыла аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәа рҟны аиԥылара мҩаԥгахоит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иахьатәи аиԥылара иазку адырра Қырҭтәыла Актәи аканал азышьақәнарӷәӷәеит.

Аиԥылараҿ зҵаара хаданы иқәдыргылоит жьҭаара ԥшьба рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи лхаҭыԥуаҩ Гьаргь Зурабашвили аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәа рҟны аиԥылара мҩаԥигоит асааҭ 11:00 рзы.