Жьҭаара 27 рзы  «Ақырҭуа гәахәтәы» адгылаҩцәа алхраҧхьатәи реизара мҩаҧысуеит
Жьҭаара 27 рзы  «Ақырҭуа гәахәтәы» адгылаҩцәа алхраҧхьатәи реизара мҩаҧысуеит

Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгаҩы Иракли Кобахиӡе ишааицҳаз ала,  жьҭаара  27,  асааҭ 17:00 рзы,  Ахақәиҭра ашҭаҿы апартаиа адгылаҩцәа алхраҧхьатәи аихшьаалатә аизара мҩаҧыргоит.

Иара иажәақәа рыла,  жәанызқьҩыла ауааҧсыра ашҭаҿ еизоит ақырҭуа жәлар рымч даҽазнык аадырҧшырц азыҳәан.

«Жьҭаара 2 рзы ауааҧсыра  47% агәрагара ҳзаадырҧшит,  уи анеҩстәи хышықәса рыҩнуҵҟа атәылеи ҳажәлари реиҷаҳаразы гәызҭаҵагас иаҳзыҟалеит.

Жьҭаара 30 рзы абри аиааира аҵыхәанӡа инагатәуп. Ҳтәыла аҧеиҧши иазхәыцуа,  аҭынчреи,  аҭышәынтәалареи,  аҿиареи иадгыло ауааҧсыра зегьы Ахақәиҭра ашҭаҿ ҳшәызҧшуп», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.