Заза Гахелаӡе иҭаацәара алахәылацәа Америка ацҳаражәҳәаҩи, Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хадеи, Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министри иҧылеит
Ампыҵахалатә режим ала закәандарала иаанкылоу Заза Гахелаӡе иҭаацәара алахәылацәа Америка ацҳаражәҳәаҩи, Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хадеи, Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министри иҧылеит.
Гахелаӡе иуацәа жәларбжьратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа рҟынтә аинформациа роуит закәандарала иаанкылоу Заза Гахелаӡе ихақәиҭтәразы имҩаҧырго уснагӡатәқәа ирызкны.
Аҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиани ишылҳәаз ала, Аинцидентқәа раҧыхреи рықәҿыҭреи амеханизм аиҧылраҿы Заза Гахелаӡе изҵаара еиҭақәдыргылоит.
Аиҧылара ашьҭахь Заза Гахелаӡе иҧҳәыс ишылҳәаз ала, дара аҳәарак ауп ирымоу – Заза Гахелаӡе ихақәиҭтәра.