Гори  ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа закәандарала иааныркылаз Мамука Чхикваӡе ихақәиҭтәра аҳәарала акциа мҩаҧысит
 Гори  ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа закәандарала иааныркылаз Мамука Чхикваӡе ихақәиҭтәра аҳәарала акциа мҩаҧысит

Гори  ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа закәандарала иааныркылаз Мамука Чхикваӡе ихақәиҭтәра аҳәарала акциа мҩаҧысит. Чхикваӡе иҩызцәа Гори ашҭа хадаҿы еизеит.

Дара ишырҳәаз ала, акциа алахәылацәа атәыла аиҳабыра рҟынтә еилыркаар рҭахуп Чхикваӡе ихақәиҭтәразы иҟарҵо.

Акциа алахәылацәа ашҭа хада аҟынтәи Шида Қарҭли иҟоу Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзурашҟа инеит.

Ҧхынҷкәын 10 рзы ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа Мамука Чхикваӡе дааныркылан, ҩымз аҭакра иқәырҵеит.