Youtube аҿы Актәи аканал ахәаҧшра арбага иазҳаит  13%-ла
Youtube аҿы Актәи аканал ахәаҧшра арбага иазҳаит  13%-ла

  2021 шықәсазы Youtube аҿы Актәи аканал ахәаҧшра астатистика ҵыҧхтәи арбагақәа иреиҕьуп.

Ахәаҧшра арбага  13%-ла иазҳаит,  2021 шықәсазы Youtube аҿы Актәи аканал иахәаҧшуан  111,5 миллионҩык.

Қырҭтәыла Актәи аканал, еиуеиҧшым аплатформақәа рыла ахатә аалыҵ ахәаҧшцәа рҟнынӡа анагара иазҿлымҳауп, убри азыҳәан еиуеиҧшым амедиахархәагақәа рхы иадырхәоит. Астатистика инақәыршәаны,  онлаин-медиа  –   аинформациа аларҵәаразы иреиҕьу хархәагоуп.

Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара анапхгара аҿыц технологиатә платформақәа иаҳа ирацәаны аресурсқәа ралаҵара ргәы иҭоуп.