Хәажәкыра 29-31 рзы Қырҭтәыла араионқәа реиҳараҿ ақәа леиуеит
Хәажәкыра 29-31 рзы Қырҭтәыла араионқәа реиҳараҿ ақәа леиуеит

 

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра хәажәкыра  29–31 рзы Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо иазкны  аинформациа аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, хәажәкыра  29–30 рзы Қырҭтәыла араионқәа реиҳараҿ ақәа леиуеит.

Хәажәкыра 29–30 рзы Қарҭ алышәшәақәа ҟалом, хәажәкыра 31 рзы ақәеи амацәыси иазыҧшуп. Шьыбжьон  +22…+24°C  ҧхаррахоит.

Аҟәара иаҧну араионқәа рҿы хәажәкыра 29–30 рзы ҭыҧқәак рҿы ақәа леиуеит. Хәажәкыра 31 рзы араионқәа зегьы рҿы ақәа леиуеит. Шьыбжьон  +25…+27°C ҧхаррахоит, хәажәкыра 31 инаркны аҳауа атемпература лаҟәхоит +17…+19°C аҟынӡа.