Хәажәкыра 28-29 рзы Қырҭтәыла амш бзиахоит
Хәажәкыра 28-29 рзы Қырҭтәыла амш бзиахоит

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра адыррақәа рыла, хәажәкыра  28-29 рзы Қырҭтәыла амш бзиахоит,  аха хәажәкыра  30 рзы ақәа леиуеит.

Қарҭ  +17, +19 градус ҧхаррахоит.

Амшын аҟәара иаҧну арегионқәа рҿы хәажәкыра  28-29 рзы ҧхаррахоит,  аҳауа атемпература шьҭыҵуеит  +18, +23 градус аҟынӡа.

Мраҭашәаратә Қырҭтәыла ашьхаҳаракыратә регионқәа рҿы  (Местиа, Бахмаро) хәажәкыра  28-29 рзы алышәшәақәа ҟалом,  аха,  хәажәкыра  30 рзы ақәа леиуеит. Шьыбжьон  +10, +15 ҧхаррахоит,   хәажәкыра  30 рзы хәыҷык хьшәашәарахоит.

Мрагыларатә  Қырҭтәыла ашьхаҳаракыратә регионқәа рҿы  (Ахалцихе, Борџьоми, Душеҭи)хәажәкыра  28-29 рзы алышшәақәа ҟалом,  аха,  хәажәкыра  30 рзы ақәа леиуеит. Шьыбжьон  +11, +16 ҧхаррахоит.