Хәажәкыра 11-12 рзы гортәи аҳаԥкылҵәала автотранспорт аамҭала изныҟәом
Жәларбжьаратә ҵакы змоу Қарҭ-Сенаки-Леселиӡе автомобилтә амҩа 88 км аҿы иҟоу гортәи автомобилтә ҳаԥкылҵәаҿ имҩаԥыргаран иҟоу апрофилактикатә усурақәа ирыхҟьаны, хәажәкыра 11, асаҭ 23:00 инаркны хәажәкыра 12 асааҭ 03:00 рҟынӡа Сенаки-Қарҭ ахырхарҭала, хәажәкыра 12 асааҭ 03:00 инаркны асааҭ 07:00 рҟынӡа Қарҭ-Сенаки ахырхарҭала автомобилқәа реиҭаҵра аанкылахоит, – иануп Қырҭтәылa Арегионaлтә ҿиaреи aинфрaструқтуреи рминистрра иаҵанакуа Автомобилтә амҩақәа рдепартамент аланарҵәаз аинформациа аҿы.