Урсула фон дер Лаиени Жозеп Боррели Бучаҟа инеит
Урсула фон дер Лаиени Жозеп Боррели Бучаҟа инеит

Еврокомиссиа ахада  Урсула фон дер Лаиени Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак  Жозеп Боррели урыстәылатәи арбџьармчқәа аҭынчуаа ахьыршьыз Буча ақалақьахь инеит.

Евроеидгыла алидерцәа Украина инеит адәыҕбала, Польша иалсны. Дара дрыцуп Словакиа аҧыза-министр Едуард Хегер.

«Абра ухахьы иузаамго ахҭысқәа ҟалеит, ҳара Путин ибџьармчқәа рхаҿсахьа хьшәашәа аабеит, ахшыҩдареи агәымбылџьбареи аабеит. Абра, Буча, ауаатәыҩсара шықәырхоз аабеит. Буча ауааҧсыра ирывагыланы,  адунеи зегьы иџьабоит. Арҭ ауаа Европа аҳәаақәеи, ауаатәыҩсареи, адемократиеи  рыхьчоит, убри азоуп зҵакы дуу абри ақәҧараҿы ҳазрыдгыло», — илҳәеит  Урсула фон дер Лаиен ажурналистцәа данрацәажәоз.

Евроеидгыла алидерцәа Украина аҳҭнықалақь аҿы атәыла ахада Владимир Зеленскии, атәылахьчара аминистри, адәныҟатәи аусқәа рминистри иҧылоит.